Аԥсны

Аԥсны аидарамҩангарақәа аԥхынразы 80% илаҟәит

Нанҳәамзазы Аекономика аминистрра адырра ҟанаҵеит Аԥсныҟа аидарақәа раагара аҿҳәарақәа мызк рҟынӡа рхылоит ҳәа. Уи Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара аизҳара иадҳәалан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсны аидарамҩангарақәа аԥхынразы 80% илаҟәит, абри атщы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсны аихамҩақәа" рынџьныр хада Леонид Ҟәыруа.

Ҟәыруа иажәақәа рыла, уаанӡа Урыстәылантә есымза 2000 рҟынӡа еидарамҩангага вагон аауазар, аԥхынразы урҭ рхыԥхьаӡара 350-400 рҟынӡа илаҟәит.

Ҟәыруа ишиҳәаз ала, уи Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара аизҳара иадҳәалан.
Анџьныр хада иажәақәа рыла, атурист сезон ахыркәшареи апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара аиҵахареи инарыдҳәаланы жьҭаарамза нахыс атауар вагонқәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит.
Ҟәыруа иажәақәа рыла уажәнатә азыҳәақәа ыҟоуп абылтәы, арацәа, афатәаалыҵ рымҩангараз 5000 вагон рзы.