Аԥсны

Гал араион аҿы МПРИ аусура иалацәажәеит Арӡынбеи Шургалини

Жьҭаара 17 рзы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ареспубликаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Гал араион аҿы аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аусура – МПРИ аусура алагара иалацәажәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ареспубликаҿ иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
Аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа иазгәарҭеит ари ашәарҭадара зырӷәӷәар алшо аформат аусура алагара аинтерес шрымоу.
Иазгәаҭан аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы рпозициақәа реишьаршәалара апроцесс ацара ишаҿу.