Арадио

Маланиаԥҳа: ҳхықәкы хада- ииашоу аинформациа ауаа рызнагара ауп

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнакс иҟаҵоу Викториа Маланиаԥҳа арадио Sputnik аҿы далацәажәеит иахьатәи аамҭаз аинформациа ароли, уи ииашаны ауаа рызнагараҿы аминистрра имҩаԥнаго аусқәеи ртәы.
Sputnik
Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит лусура ҿыц зызкуи напынҵақәас илымоу. Убри аан иазгәалҭеит, ауаа рыҿцәажәара, акамера аԥхьа аусура дзышьцылахьо акакәны ишыҟоу, избан акәзар, лҭаацәа - лани лаби ателехәаԥшраҿы аус руеит аҟынтә.
Есымчыбжьа жәларбжьаратәи ажәабжьқәа рыхҳәаа аҟаҵара Маланиаԥҳа лнапынҵақәа ҿыцқәа ируакуп, уи аганахьала лара илҳәеит ажәабжьқәа рыдагьы ауааԥсыра рҟынӡа ишнагахоу, ихәарҭоу аинформациа, иаҳҳәап, уажәы зегьы зызҿлымҳау Урыстәыла атәылауаҩра аиура еиԥш иҟоу.
Иахьатәи аамҭазы аинформациа аҵаки аусура акырӡа ишыуадаҩхази азгәалҭеит Маланиаԥҳа. Ажәабжьқәа ркьыԥхьразы алшара змоу рацәаҩхеит, убри аан аҵабырги амци еилыргатәуп, ииашоу аинформациа ажәлар рҟныӡа анагара азҵаара игәцаракны ишрымоу азгәалҭеит лара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.