Аԥсны

Апансионат "Ауадҳара" аҟны аԥхынтәи аамҭа шымҩаԥысыз азы алкаа ҟаҵоуп

Апансионат Аԥсны ашьхараҿы, Риҵатәи ареликттә милаҭтә ҳәырԥсарра аҵакыраҿы иҟоуп, еицырдыруа аминералтә ӡыҵыҵқәа ирцәыхарам.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Апансионат "Ауадҳара" аҿы аԥхынтәи асезон қәҿиаралеи маншәаралеи имҩаԥысит, абри атәы иҳәеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҟны атуризми аныҟәарақәеи рыҟәша аиҳабы Еҭлан Багаҭелиа.
"Асезон қәҿиарала имҩаԥысит ҳәа ҳҳәар ҟалоит. Хра аманы ахә ҳшьоит. Асезон алагамҭаз аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны маҷк ҳгәы каҳазаргьы анаҩс зегь шьақәтәеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш Урыстәылантәигьы аԥсшьаҩцәа рацәаҩны иҳадаҳкылеит", - иҳәеит иара.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит "Ауадҳара" аԥсшьара иахьагьы изҭахәу шыҟоу, аха жьҭаара 15 раахыс ахьҭақәа ирыхҟьаны адкыларақәа шхыркәшоу. Аусзуҩцәа аԥсшьарҭаҩнқәа аӡын иаздырхиоит.
Иара иажәақәа рыла 2021 шықәса иаҿырԥшны 2022 шықәсазтәи асезон аан ауаа еиҳа ирацәан. Аԥсшьарҭа ҭыԥ иалшо аасҭагьы аҿаҵарақәа рацәан. Абри инадҳәаланы адирекциа аномертә фонд арҭбаара аҭахны ирыԥхьаӡоит.
Ашьхараҿы аԥсшьара: аԥхынтәи Ауадҳара аԥшӡара
"Ҳаиҿкаара анапхгара аномертә фонд арҭбааразы аӡбра рыдыркылеит. Уи азы иахәҭоу аусурақәа мҩаԥгатәхоит. Хара имгакәа аусура иалагоит афымцастанциа маҷ. Уи аобиект зегьы иазхоит. Иргылахоит азеиԥш хархәараз ахыбра", - иҳәеит Багаҭелиа.
Аԥсшьарҭатә ҭыԥ анапхгара аҿаԥхьа иқәгыло аусқәа иааиуа аԥхынтә сезон алагамҭаз ихдыркәшоит.
Аԥсны
Агидрофымцастанциа маҷ дыргыларц ргәы иҭоуп апансионат "Ауадҳара" аҟны