Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭстатистика 2022-2024 шықәсқәа рзы русеицуразы аплан рнапы аҵарҩит

Аԥсны аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аусзуҩцәа аусутә еилацәажәарақәа рзы Москва иҟоуп, аныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реиԥыларақәа азгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аиҳабы Кама Гогьиаԥҳаи Урыстәылатәи астатистикатә еилакы ахантәаҩы Сергеи Галкини "2022-2024 шықсқәа рзы астатистика аусхк аҟны аусеицуразы аплан" рнапы аҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
"Аганқәа аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит, русеицуреи рԥышәеимдареи ахьалшо ахырхарҭақәа азгәарҭеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Уажәтәи аамҭазы Аԥсны аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аусзуҩцәа аусутә еилацәажәарақәа рзы Москва иҟоуп, аныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реиԥыларақәа азгәаҭоуп.