Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа алхуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аԥсны Апарламент ақәҵара аднакылеит Екатерина Адлеибеи Беслан Берулааи Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас иҟаҵазарц.
Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба ҿыц иалхәу аӡбаҩцәа рмаҵура рыдыиныҳәалеит, русураҿы Аԥсны азакәанқәа ишрықәныҟәало азы агәыӷра аарԥшит.
Аӡбаҩцәа Жәлар Реизара адепутатцәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥшыз агәрагаразы.