Аԥсны

Аԥснытәи адепутатцәа Урыстәыла Аҳәынҭдума ЕАР Ассамблеиа хадахь иҟарҵаз ааԥхьара иадгылеит

Ақәҵараҿ иазгәаҭоуп НАТО атәылақәа Киеви Урыстәылеи шеиҿадыргылаз, уи ала Украина аҟазаара еиԥш Европа аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашәарҭара иҭадыргылоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Урыстәыла Аҳәынҭдума ЕАР Ассамблеиа хадахь, Апарламентбжьаратә еидгылахь, Европатәи Апарламенти адунеи апарламентқәеи рахь иҟанаҵаз ааԥхьара иадгыло ақәҵара рыдыркылеит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ақәыӡбоит Украина анацисттә еиҿкаарақәеи қьырала еибашьуеи бџьарла реиқәыршәара мҩаԥызго, аимак зырцыхцыхуа Мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Адепутатцәа иазгәарҭеит мраҭашәаратәи атәылақәа рыҽшазыршәо ргеополитикатә диктатура аиқәырхара, уи азы егьырҭ атәылақәа рҿы ареволиуциақәеи аибашьрақәеи рыла аҭагылазаашьақәа шдырӷыӷкуа.
Аԥсны Жәлар реизара ЕАР Ассамблеиа хадахь ааԥхьара ҟарҵеит аглобалтә кризис адипломатиатә мҩала аҭыԥ иқәҵазарц азы.
Аԥсны
Арӡынба Аԥсны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ЕЕ мап рыцәкразы рыӡбамҭа ахҳәаа аиҭеит