ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәи аобласти Запорожиеи арратә ҭагылазаашьа рылаҳәоуп

Урыстәыла ахада киевтәи арежим аҭынчуааԥсыра рҭахара иазырхо атеррористтә методқәа ахы ианархәоит ҳәа иҳәеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи, Херсонтәи Запорожиеи аобластқәеи рҿы арратә ҭагылазаашьа рылеиҳәеит.
Путин иҳәеит Ҟрымтәи ацҳаҿ атҟәацра ишалахәыз украинатәи амаҵзура ҷыдақәа, атәыла егьырҭ арегионқәа рҿы атерактқәа шаԥырҟәҟәааз.
"Иазгәасҭоит, Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи, Херсонтәи Запорожиеи аобластқәеи арратә ҭагылазаашьа шыҟаз дара Урыстәыла иалалаанӡа. Уажәгьы ари арежим алагалатәуп урыстәылатәи азакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны", - иҳәеит ахада.
Аусԥҟа Афедерациатә Хеилак ишьақәнарӷәӷәароуп, ахеилак аилатәара мҩаԥгахоит иахьа, асааҭ 17:00 рзы. Аусԥҟа инақәыршәаны арратә ҭагылазаашьа алагалахоит жьҭаара 19-20 ауха азы.