Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны арратә ҭагылазаашьа алагаларазы Аусԥҟа шьақәырӷәӷәоуп

Аусԥҟа инақәыршәаны арратә ҭагылазаашьа алагалахоит жьҭаара 19-20 ауха азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Афедерациа Ахеилак Урыстәыла арегион ҿыцқәа ԥшьба рҟны арратә ҭагылазаашьа алагаларазы Владимир Путин инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа шьақәдырӷәӷәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла ахада Донецки Лугански жәлар рреспубликақәеи, Херсонтәи Запорожиеи аобластқәеи рҿы арратә ҭагылазаашьа алагаларазы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Донбасс, Херсонтәи аобласт, зых иақәиҭтәу Запорожиетәи аобласт рҿы Урыстәыла адларазы ареферендумқәа мҩаԥысуан цәыббра 23-27 рзы. ДЖәР аҿы абри азы рыбжьы арҭеит 99,23%, ЛЖәР – 98,42%, Херсонтәи аобласт - 87,05%, Запорожие - 93,11%.
ДЖәРи, ЛЖәРи, Херсонтәи аобласти Запорожиеи Урыстәыла иахәҭакзарц Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Владимр Путин жьҭаара 5 рзы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла арегионқәак рҿы ашәарҭарақәа рзы абжьаратә ҩаӡара алагалоуп