АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект рыдыркылеит.
Апроект рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵараҿы иҟоу агхақәа раԥыхразы.
Аус зуа ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкылаҿ абарҭ ахәҭаҷқәа иазыԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа реилыргара ҳәаақәҵам:
АЗ ахәҭаҷ 168 (алашыҩкратә хәмаррақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи);
АЗ ахәҭаҷ 209 (афымцамч мамзаргьы егьырҭ абзазаратә хымԥадара змоу ахыҵхырҭақәа роушьҭа аанкылара ма аԥкра);
АЗ ахәҭаҷ 223 ахәҭа 3 (закәаншьаҭада анаркотикатә хархәагақәа, аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи урҭ раналогқәеи раахәара, рымазаара, рымҩангара, аус аиҭарыдулара, разырхиара);
АЗ ахәҭаҷ 261 (Аинерт материалқәа рыҵхра аԥҟарақәа реилагара);
АЗ ахәҭаҷ 333 (аҽеизакрахь ааԥхьара ацәыбналара).
Азакәанеидкыла инақәыршәаны АЗ ахәҭаҷ 229 ахәҭа 2 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа рзы заанаҵтәи аусҭҵаарақәа (анаркотикатә маҭәашьарқәа ма аԥсихотроптә маҭәашьарқәа рхархәараз ашьагьырҭақәа реиҿкаара ма рымазаара) мҩаԥыргоит ацәгьоура аазырԥшыз аусбарҭа ашьаусҭҵааҩцәа.
Ахәҭаҷ 286 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура (абиуџьеттә ԥарақәа хықәкылада рныхра), ахәҭаҷ 287 иазыԥхьагәанаҭо ( аҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтә фондқәа рԥарақәа хықәкылада рныхра) рганахь ала заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥыргоит ари ацәгьоура аусеилыргара знапы иану аусбарҭа аусеилыргаҩцәа.
Апарламент иаднакылаз апроект инақәыршәаны:
АЗ ахәҭаҷқәа 168, 209, 261 иазыԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рыла аҭҵаарақәа мҩаԥгахалоит;
АЗ ахәҭаҷ 223 ахәҭа; ахәҭаҷ 229 ахәҭа 2 инарықәыршәаны ацәгьоурақәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еилдыргалоит;
АЗ ахәҭаҷқәа 286, 287, 333 ахәҭа 1 инарықәыршәаны ацәгьоурақәа апрокуратура еилнаргалоит.