Аԥсны

Ажьырныҳәа 1 инаркны Амиграциатә маҵзураҿы хә-нызқь рзаҳал рыдыркылеит авизақәа риуразы

Ари ашықәс жәымз рыла арбагақәа еиҳауп ииасыз ашықәс азы аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 - жьҭаара 1 рзы Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура иаднакылеит аҳәаанырцәуаа рҟынтәи 5426 рзаҳал авизақәа риуразы ҳәа иҳәеит амаҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа иҳасабырбаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Амаҵзура аусзуҩцәа иара убасгьы ирыдыркылеит аусураҭаҩцәа рҟынтәи 463 рзаҳал. Аҳәаанырцәуаа аусура азин рыҭаразы алегализациа рызууп 4143 рзаҳал, урҭ рҟынтәи 786 патентуп.

2022 шықәса жәымз рыла абиуџьет иаланагалеит 48 миллион мааҭ, 2021 шықәсазы –40,1 миллион мааҭ. Авизақәа рыҭараз аҳәынҭбаџь иартәеит 17,3 миллион мааҭ, аусураҭараз азин –15,6 миллион мааҭ, апатент ашәаразы –6,4 миллион мааҭ.
Сынтәа аусураҭаҩцәа иршәеит 8,1 миллион мааҭ, ахараԥсақәа идыртәеит 513 нызқь мааҭ.