Аԥсны

Ешыратәи анхаҩы даанкылоуп ауаҩшьразы

Аусеиларгара агәаанагара инақәыршәаны, иаанкылоу дишьит иқыҭауаҩ Оҭари Мышәба.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Алада Ешыра инхо Сергеи Тәанба даанкылан идырны ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.
Аусеиларгара агәаанагара инақәыршәаны, жьҭаара 15-16 руыха Алада Ешыра игылоу аус зымо ачашылазауад ахьчаратә ҭыԥ аҟны дшьын ақыҭа анхаҩы Оҭари Мышәба.
Ацәгьауаҩ ҩынтә еиҵамкәан иихәыз Мышәба аҭыԥаҟны иԥсҭазаара далҵит. Иԥсыбаҩ аӡбара-медицинатә експертизахь инашьҭуп.
Сергеи Тәанба даанкылан жьҭаара 19 рзы, иҿахәы иҿыхраан иҿиқәшаҳаҭхеит.
Заанаҵтәи аҭҵаарақәа русбарҭа ишьақәыргылоу азакәан инақәыршәаны, Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭоит Тәанба иҭакразы.
Аԥсны
Узбекистан атәылауаҩ анаркотикқәа раларҵәаразы жә-шықәса иқәҵоуп