Аԥсны

Гагратәи араионтә еизарахь алхрақәа рылҵшәақәа рылаҳәоуп

Гагратәи араионтә еизарахь депутатцәас иалхуп Ахра Барцыци Едуард Ҳаразиеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Гагратәи араионтә еизарахь алхрақәа рылҵшәақәа абжьаратәи аԥхьаӡарақәа ирықәшәоит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагра араион алхратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Беслан Кәартаа.
Алхратә ҭыԥ №15 аҿы иқәгылан акандидатцәа Ахра Барцыци Саҭбеи Багаҭелиеи. Ахра Барцыц изы рыбжьы арҭеит 63,7% алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа.
Иара дивагылан 33% абжьы зоуз Саҭбеи Багаҭелиа. Зынӡа рыбжьы арҭеит 28,97% алхыҩцәа.
Алхратә ҭыԥ № 9 аҿы дықәгылан кандидатк - Едуард Ҳаразиа. Иара иоуит 99,11% бжьы. Абжьыҭирахь инеит 37,88% алхыҩцәа.
Гагратәи алхратә комиссиа Араионтә еизарахь аиҭалхрақәа азгәанаҭеит алхратә ҭыԥқәа №9 (ақыҭа Ԥсахара), №15 (Гагра ақалақь) рҿы ҩыџьа адепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ааиаанӡа иахьаанкылахаз иахҟьаны.