Аԥсны

Гәдоуҭа Гәымсҭатәи амҩа арҽеиратә усурақәа аҩбатәи ахәҭа иалагеит

Гәымсҭатәи амҩа арҽеиратә усурақәа рзы аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 22 миллион мааҭ.
Sputnik
ГӘДОУҬА, жьҭаара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Ареспубликатә мҩаду инаркны Гәдоуҭа ақалақь агәахьы уназго Гәымсҭатәи амҩаду акаҭран ақәҵара жәамш рыҩнуҵаҟа ихыркәшахароит. Абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион архитектор хада Адгәыр Ҭарба.
Амҩа 1200 метра аура ыҟоуп. Хәҭа-хәалатәи аусурақәа ирылагеит 2022 шықәса цәыббрамзазы.
"Аусурақәа ирзоужьуп аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи 22 миллион мааҭ . Ҿаҵаҩыс иқәгылоит Гәдоуҭа араион ахадара, нардадаҩыс – "Амҩа-ргыларатә комбинат", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла акаҭран ҩ-ҿыгҳаракны ишьҭарҵоит, ҭыԥқәак рҿы уи аҩаӡара 12-15 сантиметра инаӡоит.
Иара иҳәеит иарбоу аҿҳәарақәа инарықәыршәаны аусурақәа шхыркәшахо, амшцәгьақәа рԥырхагымхар.
Аԥсны
Аҟәатәи авокзал аҟны акаҭран ықәҵахоит