Иулиа Чичерина "Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ лыхҵоуп

Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Ашәаҳәаҩ Иулиа Чичерина "Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп, абри азы аусԥҟа кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҟны.
Иалкаауп ашәаҳәаҩ атәыла акультуреи аҟазареи рырҿиараҟны ллагалеи, шықәсырацәа лыҵшәабзиала лусуреи ртәы.
Иулиа Чичерина - иналыгӡоит еицырдыруа ашәақәа "Ту-лу-ла", "Мой рок-н-ролл", "Уходя-уходи" уҳәа. Лара лассы-ласс Донбасс дықәгылон, иара убас уа иаланхоз ацхыраара рылҭон.
Чичерина Аԥсны даҭаахьеит, дықәгылеит Аԥсны ахьыԥшымра амш аҳаҭыр азы имҩаԥгаз аконцерт аҟни, Гәдоуҭа Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аҵакыраҿы Жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Арра-2020" аҟни.