Лиз Трасс ԥхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟалҵеит

Трасс аԥыза-министр ҿыц далырхаанӡа аиҳабыра рхада инапынҵақәа налыгӡалоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Британиа ду аԥыза-министр Лиз Трасс аканал Sky News аҿы ԥхьатәара дышцо азы аҳәамҭа ҟалҵеит.

"Аҭагылазаашьа шыҟоу ианырԥшны еилыскаауеит Аконсервативтә партиа амандат ала снап ианҵоу ауснагӡатәқәа сшызрыҵамгыло. Убри азы Иара Иаҳаракыра Акрал (Карл III) адырра исҭеит Аконсервативтә партиа аԥхьагылаҩ иҭыԥ шаансыжьуа ала", - ҳәа лҳәеит лара.

Трасс аԥыза-министрс далхын 2022 шықәса цәыббра 6 рзы. Лмаҵура дахагылан 44 мшы.
Трасс аԥыза-министр ҿыц далырхаанӡа аиҳабыра рхада инапынҵақәа налыгӡалоит. Аконсервативтә партиа аԥхьагылаҩ иалхра мҩаԥгахоит иааиуа амчыбжь азы.