Путин Ростуризм аԥыхраз аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Ростуризм анапынҵақәа ииасуеит Аекономикатә ҿиара аминистррахь.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Атуризм азы Афедералтә маҵзура (Ростуризм) аԥыхразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.
Амаҵзура аԥыхуп "атуризми атуристтә усуреи русхк аҟны аҳәынҭқарратә напхгараҭара еиҳа хра аманы амҩаԥгарази анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа рыҿиара аиӷьтәрази" ҳәа аҳәоит акьыԥхь аҟны. Ростуризм анапынҵақәа ииасуеит Аекономикатә ҿиара аминистррахь.
Аусԥҟа инақәыршәаны Ростуризм анапынҵақәа ииасуеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистррахь. Атуризм аусхк хылаԥшра аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко.
Атуризм азы Афедералтә маҵзура аԥҵан 2004 шықәсазы. 2019 шықәса раахыс напхгара алҭон Зарина Догузова.
Аԥсны
Ҭеимураз Хышбеи Ростуризм ахада ихаҭыԥуаҩи Аԥсны атуризм аԥеиԥш иалацәажәеит