Росавиациа Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа рыҿҳәара ирыцнаҵеит

Урыстәыла аладатәи аҳаирбаӷәазақәа рахь аԥырразы аԥкрақәа аларгалеит Украина аоперациа ҷыда ианалага, жәабран 24 рынахыс.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Росавиациа Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рбаӷәазақәа рахь аԥырразы иаланагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.
"Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи 11 ҳаирбаӷәаза рҟны аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп 2022 шықәса жьҭаара 28 асааҭ 03:45 рҟынӡа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аамҭала зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны аус шыруц ируеит. Урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа ахархәара рырҭоит Шәача, Аминералтә ӡқәа, Волгоград, Москва рҳаирбаӷәазақәа.
Роспотребнадзор аҳаирбаӷәазақәа рҿы иналак-аалкны COVID-19 атестқәа ҟарҵаларц рабжьыргоит