Аԥсны

Узбекистан атәылауаҩ анаркотикқәа раларҵәаразы жә-шықәса иқәҵоуп

Зус рыӡбаз анаркотикқәа алаирҵәон аҭыԥ маӡақәа рҿы рышьҭаҵарала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 20 – Sputnik. Узбекистан атәылауаҩ Сирожиддин Жамалидинов анаркотикқәа раларҵәаразы жә-шықәса иқәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа асаит.

Аусҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала Жамалидинов ишьақәыргылам ахаҿқәа "Лулуя", "Панда" ҳәа хьӡшьарас измаз Telegram аҿы драбадырны, закәаншьаҭада метадон ааихәеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны аҭиразы.

Иаанкылоу анаркотик ахьышьҭеиҵаз аҭыԥ афото ҭыхны "Панда" изишьҭуан, уи анаҩс аахәаҩ изишьҭуан. Беигәа имҩаҿы ҩ-маӡа ҭыԥки Арӡынбеи Чачбеи рымҩақәа реихаԥшьырҭаҿ аҽа ҭыԥки аарԥшын. Еиҭахгьы аилаҳәарақәа Жамалидинов идбалан данааныркылоз.
Мшаԥы 28 рзы иара Аԥсны ААР аусзуҩцәа дааныркылеит. Иаанкылараан Жамалидинов метадон злаҳәаз аилаҳәарақәа быжьба идбалан.
Жамалидинов аамҭала дахьынхоз аҭыӡҭаҿы иаарԥшын аилаҳәарақәеи аелектронтә капангеи.
Сирожиддин Жамалидинов жә-шықәса ихигараны иқәҵоуп арежим ӷәӷәа аколониаҿы. Иара убасгьы 350 000 мааҭ ахараԥса иқәҵоуп.
Аԥсны
Аҟәа инхо ауаҩԥсы даанкылоуп ззин ыҟам амаҭәашьарқәа Аԥсныҟа иахьааигоз азы