Аԥсны

Аҟәа аграждантә хыхьчаратә ргыларақәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара иалахәын атәылахьчара аминистрреи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рхаҭарнакцәа, ақалақь аҩнусбарҭақәа рнапхгаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәа аграждантә хыхьчаратә ргыларақәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара апресс-маҵзура.
"Уажәы аҽыԥхьакырҭақәа зегьы ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысоит, абаланс иахьарбоу аилкаареи, аҭыԥқәа ррыцқьареи рзы", - ҳәа иҳәеит ахԥатәи аҩнусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Матуа.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара аиҳабы Дмитри Осиа иазгәеиҭеит, аҽыԥхьакырҭақәа рыҟны арҽеиратә усурақәа рзы аԥара азоужьра шазԥхьагәаҭатәу анҩстәи абиуџьет анрыдыркыло.
Иара убас аилацәажәараҿы аинрал-маиор Илиа Гамсаниа еиҭеиҳәеит, аҿеизакратә усмҩаԥгатәқәеи арезервистцәа рҽазыҟаҵарақәеи ртәы.
Аԥсны
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩ ҿыц далырхит