Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аҟәа-Ԥсоу амҩаду аҿы алашара аиҭашьақәыргылара иалагоит ҽааны

Ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Ԥсоу аиҭашьақәыргылара апроект Аинвистициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахоит, иақәхарџьхоит 120 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Ԥсоу аиҭашьақәыргылара апроект Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвистициатә программа 2023 шықәсазтәи аамҭа иаҵанакуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

Амҩаду фымцалашарала аиқәыршәаразы иаахәахоит 5700 плафони 300 шьаҟеи. Аусурақәа ахыркәшара азгәаҭоуп иааиуа ашықәс аҩнуҵаҟа.

Иақәхарџьхоит 120 миллион мааҭ. Аусурақәа рҳәаа иҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп алашара аиура еиҿызкаауа атрансформаторқәа реиҭашьақәыргылара ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Аамҭа ахьцаз азы аплафонқәа ажәит, ашьаҟақәа жәпакы амҩан иҟалоз амашәырқәа ирыхҟьаны икаҳаит ма ихынааит. Алашарбагақәа 80% ԥхасҭоуп.
Шьаҭанкыла аиҭарҿыцразы 100% алашарбагақәа ԥсаххоит 2023 шықәсазы иҳәеит Агрба. Ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәара хыркәшан 2014 шықәсазы. Амҩа аура 120 километра иҟоуп. Иргылан 3000 шьаҟа.
Аԥсны
Аҟәа-Очамчыра амҩаду лашарала аиқәыршәара аамҭеихшара иаԥнагоит