АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩ ҿыцс далырхит Дмитри Осиа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Уаанӡа аизара ахантәаҩыс дыҟан заанаҵы знапынҵақәа шьҭазҵаз Иракли Харчылаа.
"Аӡбра сара сзы ишәоуп-изоуп, аобиективтә ҭагылазаашьақәа шьаҭас иамоуп. Убри аан Аизара адепутатс сшыҟоу саанхоит, ақалақь ауааԥсыра рзы исылшо ҟасҵалоит", - ҳәа иҳәеит Иракли Харчылаа.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩыс ркандидатурақәа ықәгылан Дмитри Осиеи Давид Чхеиӡеи. Ахантәаҩ ҿыц Дмитри Осиа маӡалатәи абжьыҭарала далхын.
Иара убас, маӡалатәи абжьыҭарала аизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс далхын Иракли Харчылаа.
Дмитри Осиа диит 1991 шықәса ажьырныҳәа 11 рзы, Аҟәа. 2014 шықәсазы аусура далагеит Аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭусбарҭаҿы нџьнырс. 2015 - 2019 шықәсқәа рзы аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.
2020 шықәса раахыс аус иуеит Аҳәынҭеимадара ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩыс, иара убасгьы ААУ афизико-математикатә факультет аҿы рҵаҩыс.
Осия – атехникатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп, 12 аҭҵааратә кьыԥхьымҭа дравторуп, 14 норматив-зинтә документ рыпроектқәа аус рыдиулахьеит.