Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра атәыла ауааԥсыра урыстәылатәи ОМС заҟаҩы ирымоу азгәанаҭеит

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра змоу амедицинатә ԥгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә цхыраара рыҭара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. 50 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи аполисқәа ОМС рымоуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асоциалтә ҳақәа рыла.
Аилацәажәараҿы аминистр Едуард Быҭәба анапынҵа ҟаиҵеит урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рнырра еиӷьыртәырц, ареспублика ауааԥсыра ОМС ирнаҭо ацхыраарақәа риуразы.
Амедусҳәарҭа иаҭаауа уадаҩрак изцәырҵыр аԥгаԥсатә еилахәырахь аҭел дасыр ҟалоит аполис аҿы иарбоу аномер ала. Уи ала иара иҭахоит иахәҭоу аконсультативтә цхыраара.
Аԥсны
Москватәи акардиологиатә центри аԥсуа ҳақьымцәеи аус еицырулоит