Аԥсны

Аԥснынтәи амашьына алгара аԥҟаррақәа еилазгаз ахараԥса идыршәеит

Ахара здырҵо автомашьына ихатә хархәараз игон, ашәҟәаҿы аҳазатә шәарақәа ахимшәаарцаз жәларбжьаратәи аидарамҩангагоушәа ҟаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Улиановсктәи ахаҵа Аԥснынтәи автомашьына аҳазатә шәарақәа ирыҵамыркыкәа иахьалигоз азы ахараԥса ду иқәырҵеит ҳәа аанацҳауеит Самаратәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Урыстәылауаҩ автомашьына Nissan Fuga ихатә хархәараз игон, ашәҟәаҿы аҳазатә шәарақәа ахимшәаарацаз жәларбжьаратәи аидарамҩангагоушәа ҟаҵаны.

Адокументқәа рҿы ишарбоу ала, иара амашьына аԥшәымас дыҟам, аха ахархәараз аҭкԥхықәра зду ахаҿы ҳәа дарбоуп.
Аҳазалхратә усбарҭақәа рыӡбра инақәыршәаны амашьына Урыстәыла иалигар акәын хәажәкыра 10 рҟынӡа, аха иара уи ҟаимҵеит.
Аҳазалхырҭа аусзуҩцәа еилыркааит автомашьына Улиановсктәи аобласт ишалалаз, ихы иахьаирхәоз адагьы аҭира иҽшазишәаз. Абас ала иара гәҭакрыла аҳазатә шәара ҳәа 2,3 миллион мааҭ аҳәынҭқарра иацәиӷьычит.
Шәача аусӡбарҭа азыӡба аднакылеит абри аус азы. Амашьына змаз имхуп, иара ихаҭагьы 100 нызқьмааҭ ахараԥса иршәоуп.
Аԥсны
Аԥсны иҭагалоу амашьынақәа закәаншьаҭада Урыстәылаҟа ралагаларазы ашьауӷатә усқәа хацыркуп