Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: ААУ аҿы аҵара асистема аҽеиҭакреи ахәыҷқәа рдыррақәеи ирызкны

ААУ афилологиатә факультет напхгара азызуа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Баҭал Ҳагәышь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, иахьатәи аамҭазы аҵараиурҭаҿы аҵаразы иҟоу алшарақәеи ахәыҷқәа дыррақәас иаадырԥшуеи ртәы.
Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҵоуижьҭеи иҵит 90 шықәса.
Асовет аамҭазы ахәыҷы иааӡара ганрацәала иазнеиуан, уи кажьтәым, аамҭа иамаз абзиара ҳадаҳкылароуп ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Ҳагәышь. Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа аԥхьаҟа изхәыԥшыша хықәкык рымазароуп.
"Апандемиа иахҟьаны ахәыҷқәа иааиуа хьысҳауп. Иҳадаҳкылоит, аха рдыррақәа еиҳа илаҟәит. Аамҭа аҽаԥсахуеит, аҵара аҭахрақәагьы ԥхьаҟагьы ицароуп. Аҵара асистема азнеишьагьы еиҭахәаԥштәуп. Ақыҭақәа рҟынтә иаауа иааӡоу ахәыҷқәа роуп, ԥсыуала ихәыцуеит. Алшара руҭар, ирҵаратәы иҟоуп. Аха игәыгәҭыжьны иҟоуп ҳқыҭақәа, урҭ роуп ахәыҷқәа ирызҭо, ҳбызшәа, ҳҵас. Аҵараҿы ихьысҳазар ҟалап, аха дара роуп ҳара ҳзықәгәыӷуа", - ҳәа иҳәеит Ҳагәышь.
Арҵаҩы еиҭеиҳәеит иахьа ауниверситет аҿы аҵара апроцесс акырӡа аҽшеиҭанакыз, абиблиотека шхарҭәаау иаҭаху алитературала.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.