Аԥсны

Егры аӡиас аладатәи аҳәааҿы зықьҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа ааныркылахьеит

Аҳәынҭқарратә ҳәаа рыхьчоит Аԥсны АШәМ аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21- Sputnik. Егры аӡиас аладатәи аҳәааҿы зықьҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа ааныркылахьеит ажьырныҳәа 1 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.
Иаанкылоу административтә ҭакԥхықәра иаҵаргылоуп административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 (Аҳәаахьчаратә ҵакыраҿ аҳәаахьчаратә усура аилагара) инақәыршәани административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 192(Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыратә мшыни аҩнуҵҟатәи амшынтә ӡқәеи рҿы аҳәаахьчаратә усура аилагара) инақәыршәани.
Уи адагьы ари аамҭазы ихацыркуп жәа-шьаусӡбара АА АЗ ахәҭаҷ 324 ахәҭа 1 инақәыршәаны закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы.
Иаԥырҟәҟәаауп 20 рҟынӡа закәаншьаҭада аҳәаа аидарақәа рахгара (4400 ҭоԥ асигарет, зыхәԥса 1,8 миллион мааҭ ыҟоу).
Аԥсны
Аԥсны иалсны Қырҭтәылаҟа атәымтәылауаа цар рылшо ирылымшо атәы рҳәеит АШәМ аҿы