Аԥсны

Еиҭаҵуа аблагәаҭаратә центр Афон Ҿыц аусура иалагоит

Ауааԥсыра рыдыркылалоит хәыда-ԥсада, жьҭаара 24, 25 асааҭ 09:00 - 17:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аҳақьым Шаталов иитәу Абла аԥҟарамаҷ еиҭаҵуа адиагностикатә центр аҳақьымцәа Афон Ҿыц жьҭаара 24 – 25 рзы ауааԥсыра рыдкылара иалагоит ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

Адкылара мҩаԥысоит асааҭ 09:00 - 17:00 рҟынӡа ақалақьтә хәшәтырҭаҿы – Ладариа имҩа 7.

Адуцәа реиԥш быжьшықәса ирҭысхьоу ахәыҷқәагьы рыдыркылоит. Аԥсны ауааԥсыра рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәы рымазароуп. Убри аан аӡәгьы ахьҭа илаланы дыҟамзароуп.
Аԥсны
Еиҭаҵуа аблагәаҭаратә центр аусура еиҭалагеит Аԥсны