Арадио

Гәбаз Виктор Маланӡиа изы: иџьабаа зду Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь ила иахьамбаз ҳгәы иалоуп

Иахьа ҳтәылаҿы наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Маланӡиа. Аҵарауаҩ Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь аиқәыршәара аџьабаа ду шадибалаз.
Sputnik
Виктор Маланӡиа адәахьы дшыԥшӡаз аҵкысгьы ҩнуҵҟала еиҳагьы дыԥшӡан, иара аамсҭашәала дааӡан ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәбаз. Аԥсуа ҭҵаарадырра дацәаӡит даараӡа ауаҩра злаз, зааԥсара дууз аҵарауаҩ ҳәа инаҵаишьит иара.
"Иҟам атәылақәа Ашәҟәы ҟаԥшь ахьҭыжьым, даара игәы иалан ҳара иахьҳамам. Аҵыхәтәантәи аамҭаз иара убысҟак иӷәӷәаны аус адиулон, шьҭа аҭыжьра акгьы агмызт. Аҵиаақәа ртәы хыркәшан иҟоуп, ҳаззыԥшыз аԥсаатәқәа рганахьала акәын. Ҳаизыԥшын, игәамбзиара иахҟьаны акгьы иаҳҳәаӡомызт, аха иара ихала даҿын", - ҳәа иҳәеит Гәбаз.
Аԥсаатә аҭҵаара ауадаҩра дуӡӡақәа аҵоуп, аха иара иус убас бзиа ибон, инҭкааны ак агны ҟалашьа амаӡамызт ҳәа азгәеиҭеит Едуард Гәбаз. Иара еиҭеиҳәеит, Виктор Маланӡиа ихәны иибоз аԥсаатәқәа дышрыхӡыӡаауаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.