Аԥсны

Аҟәа Ашықәс ҿыц иаԥылар ахьырҭаху зыхә ҳаракым ақалақьқәа хәба ирыҵанакит

Аҟәа аԥыжәара агеит Москвеи Шәачеи раасҭагьы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы ахә ҳаракымкәа аԥсшьара ахьалшо ақалақьқәа хәба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит асасааирҭақәеи ауаҭахқәеи раанкыларазы амаҵзура Tvil.ru.
Аҟәа урыстәылаа рзы иҳәаанырцәтә қалақь заҵәыкхеит Ашықәс ҿыц азы аԥсшьара ахьырҭаху ақалақьқәа хәба рыбжьара. Иара убас арахь иаҵанакит Пиатигорск, Тиумень, Тула,3575 Калининград.
Ахә ҳаракымкәа Ашықәс ҿыц аԥылара ахьалшо ақалақьқәа жәаба:

Ақалақь

Уахык азы аԥсшьара ахәԥса

Бжьаратәла аԥсшьара шаҟа ицо

Пиатигорск

2786 мааҭ

5 у

Тиумень

2915 мааҭ

5 у

Тула

3232 мааҭ

4 у

Калининград

3266 мааҭ

6 у

Аҟәа

3450 мааҭ

5 у

Мурманск

3575 мааҭ

4 у

Нижни Новгород

4505 мааҭ

3 у

Москва

4185 мааҭ

4 у

Шәача

4349 мааҭ

5 у

Казань

4519 мааҭ

4 у

Еиҳа рыхә мариоуп Пиатигорски Тиумени, уа бжьаратәла аԥсшьаҩцәа уахык анхаразы инырхуеит х-нызқь мааҭ иреиҵаны.
Еиҳа рыхә цәгьоуп Нижни Новгороди Москвеи - уа уахык ԥшь-нызқьи бжаки мааҭ иреиҳаны инырхуеит.