Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳаи Ӷорзолиеи Аԥсуа-абаза конгресс аусура атәы

Аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа Есма Кәыҵниаԥҳаи Дамир Ӷорзолиеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит ақыҭақәа рҿы русура ззырхоу, урҭ лыҵшәас ирымоу, насгьы аҿар ирыдҳәалоу апроектқәа аус шыруа.
Sputnik
"Ҳусура анхацәа реидкылара, рыжәҩахыр еибыҭаны анхара анҵыра, акультура аиқәырхара иадҳәалоуп. Аҟәшақәагьы ахьааҳартуа аԥсуаа реиланхарҭақәа рҿоуп. Иҟоуп анхацәа рхаҭақәагьы аҳәара аныҟарҵо", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Ҳусура анхацәа реидкылара, рыжәҩахыр еибыҭаны анхара, анҵыра, акультура аиқәырхара иадҳәалоуп. Аҟәшақәагьы ахьааҳартуа, аԥсуаа реиланхарҭақәа рҿоуп. Иҟоуп анхацәа рхаҭақәагьы аҳәара аныҟарҵо", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Дамир еиҭеиҳәеит анхацәа еиҳарак ргәы иҵхо атәы, цхыраарак аҳасабала урҭ ишрывагыло.
Есма Кәыҵниаԥҳа дазааҭгылеит аҿари дареи реимадара шеиҿкаау. Лара иазгәалҭеит русура ахықәкы хада, аҿар ирзырхоу апроектқәа раларҵәара, аха убри аан урҭ ирыдҳәалоу егьырҭ ахеилакқәагьы шадырԥхьало.
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит ақыҭаҿы иҟоу аҿари ақалақь аҿы инхои реимадара шыҟоу, илҳәеит русура гәахәарыла ишақәҿырҭуа.
Арадио асасцәа иара убасгьы иазааҭгылеит анхацәа аԥсуа-абаза конгресс аусура ргәацԥыҳәан ишалахәу атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.