АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Китаи Акоммунисттә партиа XX аизара ду аҿы атәыла ахада Си Цзиньпин деиҭалхын аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩыс ахԥатәи аҿҳәарахьы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура Синьхуа адыррақәа шьаҭас иганы.
Иара убас Си Цзиньпин ахынтә раан Китаи Акоммунисттә партиа Арратә хеилак хада ахантәаҩыс дҟалеит.
Аизара ду аан Си Цзиньпин "Китаи аҷыдаҟазшьа змоу асоциализм абираҟ ҳаракны ишьҭыхны, ҳаамҭа иақәшәо асоциалисттә ҳәынҭқарра ганрацәала аргылара азықәԥара" ҳәа хыс измаз ажәахә даԥхьеит. Уи аҿы иара аҵыхәтәантәи хәышықәса ирылагӡаны апартиа иахагылара аамҭа иалагӡаны иҟаҵаз аусуреи "аҿыц аамҭа шьақәгылеижьҭеи жәашықәса раахыс иҟалаз аҽеиҭакра дуқәеи" реихшьалақәа ҟаиҵеит.
Си Цзиньпин Китаи Акомпартиа жәашықәса дахагылоуп, 2012 шықәса раахыс. Уаанӡа апартиа ахадацәа ахԥатәи аҿҳәарахьы аӡәгьы далрымхӡацызт.