Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Бигәаа Агәыбедиа аԥсҭазаашьеи сынтәатәи аҽаҩреи ирызкны

Агәыбедиа ақыҭа ахада Генри Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аиҳабацәа рџьабаа зду иқыҭа ааныжьра иашам ҳәа зиԥхьаӡо, еиҭеиҳәеит имш шымҩасуа, ақыҭауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.
Sputnik
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.