Ҳбеиара иабзоураны ҳ-Ботаникатә баҳча зегьы ирдыруеит, есышықәса атәым ҳәынҭқарра аҟынтә аӡә данаҭамаауа ыҟаӡам, ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз арадиоефир аҿы.
"Сынтәа ҵыԥх еиԥш ауп ишаҳҭааз, 53 нызқьҩык. Амцхә ааиргьы ҳҭахӡам, ааха ӷәӷәа арҭоит. Аҳәынҭқарраҟнытә ишахәҭоу ҟәрышьла ҳаиқәшәазҭгьы, мчыбжьык ахь знык-ҩынтә иааҳартуан. Аҵиаа иадгыланы рфотосахьа ҭырхуеит. Агазонқәа ԥхасҭартәуеит, аҵиаа адацқәа ануҟалакгьы, иара иаԥырхагоуп. Убри аҟынтә ауаа рацәа раҭаара мыцхәы ҳаигәырӷьаӡом. Ҳпарк ԥсшьарҭоу џьыршьоит шьоукы", - иҳәеит Гәбаз.
Аботаникатә баҳча аиҳабы иажәақәа рыла, уи иаиуа ахашәала зегьы иара иазаанхоит, аха убри аан ироуеи дареи ныҟәибаго иҟаӡам ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.
Едуард Гәбаз иҳәеит Аботаникатә баҳча амузеи аԥҵаразы аиҿкаарақәа нап шарку.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.