АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Ииасыз амчыбжь азы Гәдоуҭа ачаратә машьынеишьҭагылақәа рҟынтәи жәа-машьынак ааныркылеит ҳәа иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша аиҳабы Зосма Гыцба, Гәдоуҭа араион ахадара аусбарҭа есымчыбжьатәи аилацәажәараҿы.
Амашьынақәа аанкылоуп рныҟәцараан амҩан ашәарҭара ахьаԥырҵаз азы.
"ААИ амчрақәа иаалырҟьан агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Иҟан ахҭысқәа ақалақь агәҭаны, асветофорқәа рымҵан амашьынеишьҭагылақәа рлахәылацәа рмашьынақәа "ҽыҩҵас иандыркәашоз". Атранспорт зтәу ирымхна аргыларҭа ҷыдаҿы иҳаргылеит. Аԥсшьарамшқәа раан мацара уахь хә-машьынак наагеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Амилициа аиҳабы ақыҭақәа рхадацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит ауааԥсыра ирабжьарц, ирацәажәарц, аҿар рхымҩаԥгашьа иахылаԥшыша аиҳабацәа рыцзарц абри аусмҩаԥгатә аан.
Уи адагьы Гыцба иҳәеит азин еилазгаз ԥыҭҩык рҭаацәа арҭ амашьынақәа рырхынҳәразы амилициахь ишнеиз. Иазгәеиҭеит уи иаԥсоу усны ишыҟам.
Иара убасгьы иҳәеит араион аҿы ААИ аиҳабы инапынҵақәа рынагӡаразы Инал Агрба дшаҭоу.
"Еилыскаауеит Аҳәынҭавтоинспекциа аганахь ала азҵаарақәа шырацәоу, аха акадырқәа ҳазхом. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы хҩык аусзуҩцәа ҳадҳкылеит. Аҽа жәа-ҭыԥк ҭацәны иҟоуп. Аусзуҩцәа разымхара аоперативтә гәыԥқәа рыла ахҩара ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Гыцба иҳәеит ииасыз амчыбжь азы араион аҿа амҩан машәырк шыҟамлаз, ҩыџьа ауаа – аӡәы анаркотикқәа зыдбалаз, егьи абџьар зыдбалаз, шаанкылоу.