Керчтәи аӡыбжьахаҿ даҽа паранк аусура иалагеит

Аихамҩатә паран "Конро Трейдер" ацәаҳәахьы ицәырҵит жьҭаара 22-23 ауха.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Керчтәи аӡыбжьахаҿ афбатәи апаран аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит Атранспорт аминистрра.

Аихамҩатә паран "Конро Трейдер" актәи ареис аан атерминал "Рыбный порт" аҟынтә абаӷәаза "Кавказ" ахь иианагеит 32 еихамҩатә вагон.

Керчтәи аӡыбжьахаҿ апаран абжьысра иалагеит жьҭаара 9 рзы, Ҟрымтәи ацҳаҿ атеракт ашьҭахьцәҟьа. Ари аамҭа иалагӡаны апаранқәа аҩганк рахь ииаргеит 18 340; 8 284 автомашьына. Аиҳаракгьы аидарамҩангага дуқәа иара убас авагонқәа.
Иааидкыланы русура иалагазар фпаранк 230-нтә ибжьысит.
Керчтәи аӡыбжьахала ала жәанызқьҩык рҟынӡа паромла имҩаԥган