Ҩыџьа атуристцәа ыӡит Шәача ашьхараҿы

Атуристцәа иазгәаҭан ирымаз аамҭазы ашьха рныҟәараҟынтәи ихнымҳәит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Аиқәырхаҩцәа ҩыџьа атуристцәа ирышьҭоуп Шәача ашьхараҿы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Шәача иҟоу Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә аԥшаара-еиқәыхаратә отриад.
Аԥшаарақәа ирылагеит ԥҳәыск 19 шықәса зхыҵуа лыҷкәын ианаамҭаз ашьхарантәи дымгьежьит ҳәа АҶА данадҵаала ашьҭахь.
Адырра ҟарҵеит арԥыси иҩызеи аӡиас Ҵәыџьԥсы ахы ахьыҵнахуа аҭыԥ ахь ныҟәара ицеит ҳәа. Иарбан мҩоу излацо ҳәа аӡәгьы иарымҳәеит.
Иазгәаҭоуп, атуристцәа аимадарахь ишцәырымҵуа.