Арадио

Аҩӡба Ермолаи Аџьынџьал изы: даазыдгылоз зегьы драҟаран

Аҵарауаҩ Ермолаи Аџьынџьал 20 шықәса аус ицзухьаз аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи игәалашәраҿы дшаанхо атәы.
Sputnik
Ермолаи Аџьынџьал иԥсра хаҭала са сзы цәыӡ дуӡӡоуп ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба арадиоефир аҿы.
"Иара даазыдгылоз зегьы драҟаран, уара дуеиҳаны адырра имамшәа ихы уирбон. Ермолаи истатиақәа рхырхарҭақәа урыхәыԥшыр, аԥсуа ҭоурыхи, аетнографиеи, инапы злаимкыз ахырхарҭа ыҟам, аԥсуа уарҳалқәа рҭоурых инаркны, амифологиа аҟныӡа. Иара иоуп аԥхьа изҳәаз аԥсуаа аибашьра анцәахәы дрыман ҳәа. Иара дазҿлымҳан даара археологиа. Башкаԥсара имҩаԥысуаз аԥшаарақәа дрылахәын, истатиагьы ҭыҵхьан", - иҳәеит Аҩӡба.
Аҭоурыхҭҵааҩ иара убасгьы еиҭеиҳәеит Ермолаи Аџьынџьал аԥсуа наука агеноцид иазкны аматериалқәа жәпакы дышравтору.
"Еиҳарак аҵыхәтәантәи аамҭаз дызҿыз Аԥсуа институт абылра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынӡа анагара акәын. Иакымкәа-ҩбамкәа аусумҭақәа рҿыгҳарақәа усҟак идуумзаргьы, аҵак ду аманы, акультуратә геноцид акт шакәу шьақәырӷәӷәаны, ашәҟәы ианҵаны инижьит. Уи аганахьала иусура даара аҵак ду амоуп, аԥсуа наука мацаразы акәым, аԥсуа ҳәынҭқарра азгьы", - иҳәеит Аҩӡба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.