Арадио

Кәарцхьиа Лыхнашҭа аҽаҩра ныҳәаз: аԥсуа культура иаӡыргоуп

Лыхнашҭа аҽаҩра ныҳәа шеиҿкаахо, уаҟа ицәыргахои, иалахәхо ақыҭақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа.
Sputnik
Лыхнашҭа аҽаҩра ныҳәа мҩаԥысуеит 80-тәи ашықәсқәа раахыс, уи аҽаҩра аингалара иадҳәалан ҳәа азгәеиҭеит Кәарцхьиа арадиоефир аҿы.
"Ажәытәан қыҭацыԥхьаӡа аԥацхақәа дыргылон, ирылшоз ала рҽаҩра цәырыргон. Иахьа аԥацхақәа ыҟаӡам. Убри аҟынтә ақыҭақәа зегьы рзы амшьамбақәа ааҳгахьеит. Араион аҟынтә ҩажәа қыҭеи, Мысра аҳаблеи, Афон ақалақьи алахәхоит. Иаҭаауа асасцәа идҳарбар ҳҭахуп ҳкультура. Ажәытә ашәақәеи акәашарақәеи рыла ишьақәгылоу аконцерт ҟалоит, ҽыла апарад мҩаԥгахоит, иара убас аԥсуа спорт хәмаррақәа", - ҳәа иҳәеит Кәарцхьиа.
Ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы иҳәеит, ишӡыргахо аԥсуа наплыхқәа, аԥсуа инхара иадҳәалоу амаҭәарқәа. Асасцәа ирыдгалахоит ашәыр, афатә-ажәтә, изҭаху зегьы агьама рбар рылшоит ҳәа азгәаиҭеит Кәарцхьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.