АҞӘА, жьҭаара 25- Sputnik. Астатистиказ Урыстәыла Афедералтә маҵзура Аԥсны аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аилацәажәаратәи аметодологиатәи цхыраара анаҭалоит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Урыстәылатәи астатистикатә еилакы ацхыраара ҟанаҵалоит астатистикатә ҭаҩра азҵаарақәа рзы аинформациатә еиқәыршәараҿы, аинформатизациеи автоматизациеи рыпроцессқәа рметодикатә еиқәыршәара, аҳасабеилыргаратә анализ апрограмматә еиқәыршәара, ашәҟәҭаҩра амҩаԥгараз аилацәажәарақәа, астатистикатә гәаҭарақәа рҿы.
Иара убасгьы аԥснытәи аҟазауаа аконсультациақәа рзыҟарҵалоит урыстәылатәи аколлегацәа ахаланаплакыҩцәа рыстатистикатә ҭаҩрақәа рызҵаарақәа рзы, ахәаахәҭреи, аџьармыкьатә маҵзурақәеи, атранспорти рыстатистиказы.
Астатистиказ Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳаи Урыстәылатәи астатистикатә еилакы анапхгаҩы Сергеи Галкини "2022-2024 шықәсқәа рзы астатистика аусхк аҟны ауснагӡатәқәа руснагӡа" рнапы аҵарҩит жьҭаара 19 рзы Москва.