АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Аҟәа араионқәа ӡыржәтәда иаанхоит аԥшьаша жьҭаара 27 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркы 15:00 рҟынӡа: Турбаза, Аԥсилаа, Аишьцәа Занҭариаа, Ҷанба рымҩақәа, Кәыдрытәи амҩаду, Ӡыгәҭа ақыҭан, ақалақь агәи аџьармыкьа иахьаҵанакуеи.