Аԥсны

Аҳәынҭахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа Жәлар Реизара адепутатцәа рзы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа Жәлар Реизара адепутатцәа рзы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭахьчаратә маҵзура апресс-маҵзура.
Адепутатцәа ирзеиҭаҳәан атеориа, иара убас ахыԥсаҟьага, автомат, атапанча, СВД рыла идырхысит.
Иазгәаҭан аҽазыҟаҵарақәа ахысырҭатә дәқәа рыҟны бџьарла ахысраз рԥышәа аизҳараҿ ишхымԥадоу.
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар иазгәеиҭеит, аҽазыҟаҵарақәа аҳәынҭусзуҩцәеи адепутатцәеи рзы иааларҟьан иҟалар зылшо аҭагылазаашьаҟны ишцхыраагӡахо.
"Анаҩстәи аҿазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аҳәынҭқарра ахада иуысбарҭа аусзуҩцәа рзы. Сгәанала ари хшыҩҵак бзиоуп", - ҳәа иҳәеит Дбар.
Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба иҳәеит, адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны, иарбан сценаризаалак иазхиазар шакәу.