Урыстәыла COVID-19 аштамм ҿыцқәа ҩба аарԥшуп

Ҭагалан анҵәамҭаз Урыстәыла иахьаҵанакуа COVID-19 еиҭах ахы ҳнардырыр ҟалоит, аха шәарҭара ацым ҳәа азгәарҭеит Роспотребнадзор аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. COVID-19 аштамм ҿыцқәа ҩба аарԥшуп Урыстәыла: руак "омикрон" аштамм "цербер" ауп. Иҟалоит урҭ аштаммқәа ццакрыла атәыла иалаҵәар ҳәа лҳәеит Роспотребнадзор ахада Анна Попова.
"COVID-19 аштамм ҿыцқәа ҩба аарԥшуп ииасыз амчыбжь азы: BQ.1; BQ.1.1 ("цербер")", - ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Попова.
Лара иазгәалҭеит арҭ ахкқәа ралаҵәараз аепидемҭагылазаашьа азԥхьагәаҭара шыҟоу.