Аԥсны

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаахьчаратә ҭыԥ аҿы аҽа ҩ-цәаҳәак аусура иалагоит

Ацәаҳәақәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп аҳәаахысратә лшара аизырҳаразы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳәаахьчаратә ҭыԥ аҿы атранспорт лас азы аҽа ҩ-ныҟәаратә цәаҳәак азырхиоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.
Уаанӡа аус руан 24 цәаҳәа.
"Ацәаҳәақәа рхиоуп аҳәынҭқарратә хылаԥшратә усбарҭақәеи аҳәааҿы ахылаԥшра-гәаҭаратә усмҩаԥгатәқәеи рзы", - ҳәа азгәаҭоуп аминистрра аофициалтә Telegram-канал аҿы.
Ацәаҳәа ҿыцқәа ирыбзоураны аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы уахыки-ҽнаки рыла зқьы рҟынӡа автомашьынақәа аҳәаа иахысоит.
Аусбарҭаҿ иара убасгьы аус адырулоит иҟоу ацәаҳәақәа рырҿыцраз апроект –18-20 нызқь транспорт хархәагеи 80-100 нызқьҩык уааԥсыреи роушьҭра алыршаразы.
Апроект ахыркәшара азгәаҭоуп 2025 шықәсазы.