Аԥсны

Апарламент актәи аԥхьарала Аконституциатә ӡбарҭа АСИС алагалара аҟынтәи ахы иақәиҭнатәит

"Аӡбарҭатә мчрақәа рзы" азакәан актәи аԥхьарала аиҭакрақәа алагалоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала "Аӡбарҭатә мчрақәа рзы" азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.
Аиҭакрақәа инарықәыршәаны - Апарламент актәи аԥхьарала Аконституциатә ӡбарҭа Автоматизациатә система алагалараҟынтәи ахы иақәиҭнатәит.
Аԥсны Апарламент аӡбараҭқәа рҿы АСИС асистема алагалара аҿҳәара инахеит
Адепутатцәа ари Аконституциатә ӡбарҭаҿ Апленум, Апрезидиум, аколлегиа рыҟамзаара иадырҳәалеит, иара убас азеиԥш аиурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҟнеиԥш иҟарҵеит.
Уи адагьы Аконституциатә ӡбарҭа аилазаара акыр имаҷуп, азҵаарақәа рыӡбарагьы уи аилазаара аиҭакрада ауп ишымҩаԥырго.

"Абас ала Автоматизациа зызуу аӡбарҭа аинформациатә система алагалара ахықәкқәа аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа рыбжьара заанаҵтәи аус адуларазы аматериал аихшаразы лҵшәа аиуам. Хра амам аус азыӡырыҩраангьы, избанзар заанаҵ иҭызҵааз, ажәахә ҟазҵаз аӡбаҩ ихьмырԥшыкәа аихшьаалатә лкаақәа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа алахәылацәа еицымҩаԥыргоит", - аҳәоит аилыркааратә шәҟәаҿы.

Автоматизациа зызуу аӡбарҭа аинформациатә система – ари иаку технологиатә платформоуп, хықәкы хаданы иҟоу аӡбаҩцәеи аӡбареиҿкаара алахәылацәеи релектронтә еимадара аиҿкаареи аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара еиҿкаареи роуп.