Аԥсны

Бжьаниа дырҭааит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә ҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә ҽеизакратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ахысрадәы Ҵабал аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырҭааит ахысрадәы Ҵабал аҿы имҩаԥысуа Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә ҽеизакратә ҽазыҟаҵарақәа, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Тҟәарчалтәи актәи архәҭа арезервистцәа, Аҟәатәи арратә зеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа, артиллериатә архәҭақәа, арра-ҳаиртә мчқәа, амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аруаа "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит. Бжьаниа иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи иалахәыз, иазгәеиҭеит ҳәатәеиқәшәала, икылкааны, ирласны арратә дҵақәа шынарыгӡаз.
"Аԥсны ажәлар шәара ишәықәгәыӷуеит, иара убас арбџьар мчқәа ҳаԥсадгьыл ашәарҭадара ахьчара шалдыршо азгьы шәыгәра ргоит. Атәыла анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы, ҷыдала азҿлымҳара арҭоит ҳарбџьар мчқәа. Иааиуа амшқәа рзы имҩаҧысраны иҟоуп Арбџьар мчқәа рырӷәӷәаразы хадар злоу аусмҩаԥгатәқәа", - ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Бжьаниа иажәа иацҵо иҳәеит хара имгакәа Арбџьармчқәа рырӷәӷәаразы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа шеиҿыркаауа.