Ҽаҩраҭагалан аныҳәа Лыхнашҭа имҩаԥысран иҟоуп жьҭаара 30 рзы. Иара иалахәхоит Гәдауҭа араион ақыҭақәа зегьы. Иара убас Афон ҿыц. Аныҳәа иалагоит асааҭ 12:00 рзы.
Лыхнашҭа имҩаԥысуа аныҳәа аҵак ду амоуп, еснагь ҳалахәуп ҳәа азгәеиҭеит Ԥхазариа арадиоефир аҿы.
"Сынтәа ҳаблак азалхуп аныҳәа иаҭаху зегьы аидкыларазы. Дара иаархәахьеит ашьтәа. Аԥсуа чыс - аџьынџьыхәа, ақалмышь, аҟаб уҳәа иҳамоу зегьы еизыргоит. Ҳашьтәа уа иаҳшьуеит, абысҭа уа иаҳуеит, абас аныҳәа ҳаԥылоит. Хқыҭа далахәуп Саид Ажәанба, сынтәа аҩқәа реицлабраҿы аиааира згаз. Иара иҩгьы наҳгоит. Асасцәа ҳарзыԥшуп. Ҽаанбзиала еибаҳҳәоит хәыҷи-дуи", - ҳәа иҳәеит Ԥхазариа.
Жәандәрыԥшь ақыҭа ахада иажәақәа рыла, сынтәа ҩнаҭацыԥхьаӡа аҽаҩрақәа еиныргалахьеит, иҟоуп арахә зааӡо, аԥсаатә ззану, иаашьо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ацәыргақәҵаҿы иара убас иӡыргахоит анаплыхқәагьы, иара убас ажәытә маругақәа.
"Акалаҭқәа, амҵәышәқәа ҟазҵо дҳамоуп, рабацәа ирҿырҵаан иаҿуп. Ажәытә маругақәа, амаҭәахәқәа наҳгоит, асасцәа идҳарбоит, аҭоурых рзеиҭаҳҳәоит", - иҳәеит Ԥхазариа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.