Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра 2023 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа арҿиара апрограмма шьақәнарӷәӷәеит

2023 шықәсазы апрограмма анагӡаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтә 100 миллион мааҭ азоужьра азгәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аминистрцәа реилазаара "2023 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа арҿиара" апрограмма шьақәнарӷәӷәеит.
2023 шықәсазы апрограмма анагӡаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтә 100 миллион мааҭ азоужьра азгәаҭоуп.
Аԥаразоужьра азырхахоит абарҭ ахырхарҭақәа:
Аҵиааӡара аҿиара, шықәсыктәии акыршықәсатәии аҵиаақәа ашьапы аркра, акәыкәбаа аарыхра- 30 миллион мааҭ,
арахәааӡара- 3 миллион мааҭ,
аԥсыӡааӡара- 5 миллион мааҭ,
Арҵәыреи апестицидқәеи раахәареи, иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгареи- 10 миллион мааҭ,
ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхреи аусеиҭадулареи рзы аарыхра-атехникатә база аиҿкаара-30 миллион мааҭ,
ақыҭанхамҩатә техника аахәаразы-22 миллион мааҭ.
Апрограмма аҽалархәра рылшоит азакәан инақәыршәаны иҭаҩҩуи иарбоу аамҭеихшара инақәыршәаны азыҳәа назышьҭаз Аԥсны атәылауаа, ақыҭанхаҩцәа, адгьылқәаарыхратә нхамҩақәа змоу, анаплакҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи.
Апрограмма хықәкыс иамоуп аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы аҭыԥантәи аалыҵ алшарақәа реизырҳара, ауааԥсыра рнапы зларкша аусура рзеиҿкаара, ақыҭанхамҩатә ҵакырақәа рырҿиара.
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет рыдыркылеит