"Россия сегодня" ажурналист Светлана Бабаева дҭахеит Симферополь

Амашәыр ҟалеит ажурналист арра-спорттә хысрақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа дахьырхысуаз адәаҟны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" Симферопольтәи аҟәша аиҳабы ажурналист Светлана Бабаева машәырла дҭахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иазгәаҭоуп Бабаева лнапы шалакыз арра-спорттә хысрақәа.
"Света-зыҩаӡара ҳараку, ажурналисттә ԥышәа змаз уаҩын. Урыстәылазы лгәы былуан. "Ацәаҳәа" ахысра дазгәышьуан, ҳаруаа рывагыларазы. Иҟьалаз ахы... лдырреи лԥышәеи ҳагзаауеит...", - иҳәеит "Россия сегодня" ахада Дмитри Киселиов.
Светлана Бабаева диит рашәара 24 1972 шықәсазы, Москва, МАУ азиндырратә факультет доушьҭымҭоуп. Амедиагәыԥ "Россия сегодня" Симферопольтәи аҟәша аиҳабыс даҭан нанҳәа 2019 шықәсазы.
Бабаева Аԥсныҟа даахьан. Апроект Sputnik Pro аҳәаақәа ирҭагзаны аԥсуа журналистцәа рзы амастер-классқәа мҩаԥылгахьан.