Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу: хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы ауснагӡатәқәа хыркәшоуп

Аҵара ашьҭахь аус зуа арбџьармчқәа рахь идәықәҵоуп 82 нызқьҩык хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иаҵанакыз урыстәылауаа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы ауснагӡатәқәа хыркәшоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путини иареи реиқәшәараан.
Атәылахьчара аминистр иажәақәа рыла, аҽеизакразы инацҵоу ауснагӡатәқәа азгәаҭам.
Арратә операциа ҷыда аҳәаақәа иҭагӡаны арратә комиссариатқәа аруаа реиқәыршәаразы ауснагӡатәқәа ирыцнаҵалоит, уи алыршахоит ахатәгәаԥхаҩцәеи аиқәшаҳаҭрала аррамаҵзура иахысуеи рыдкыларала", - иҳәеит Шоигу.
Шоигу иҳәеит хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра цонаҵы ишаарыԥхьаз 1300 -ҩык анагӡаратә мчқәа рхаҭарнакцәеи 27 нызқьҩык анаплакҩцәеи. 13 нызқьҩык атәылауаа ааԥхьара иазымԥшкәа хатәгәаԥхара еибашьра ицеит.
Аҽеизакра иаҵанакыз атәылауаа бжьаратәла рықәра - 35 шықәса.
Шоигу иара убас иҳәеит аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь афронт ахь ишдәықәҵаз 82 нызқьҩык, макьаназы аҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥқәа рҟны 218 нызқьҩык шыҟоу.
Владимир Путин хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра иацәхьамҵкуа зуалԥшьа анагӡаразы игылаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Владимир Путин Иусԥҟала цәыббра 21 азы Урыстәыла хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәан. Усҟан Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иҳәеит аҽеизакра ишаҵанакуаз арратә ԥышәеи арратә занааҭқәеи змаз 300 нызқьҩык атәылауаа.