Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы атеррористцәа аанкылоуп

Иаанкыло аполк "Азов"* аибашьцәа реибашьышьа џьашьахәны ирбон, урҭ ҿырԥштәыс ирыман.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы ԥшьҩык атеррористцәа, административтә хыбра аҿы атеракт амҩаԥгара зыгәҭакыз аанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости УА АШәМ апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Иаанкыло, Украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ридеологиа аԥыжәара азҭоз атеррористцәа, административтә хыбра аҿы атеракт амҩаԥгара рыгәҭакын", - аҳәоит арелиз аҿы.
Иаанкыло ахьынхоз аҭыԥқәа рҿы имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан иаарԥшын абџьар, артҟәацгақәа, аекстремисттә литература.
Аусбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳауеит иаанкыло аӡбарҭа ишарбаандаҩыз, ашьаус шхацырку ахәҭаҷ "атеракт" ала.
*Урыстәыла ззин ыҟам террористтә усбарҭоуп.